Ҳахгьы ҳахьчарц, ҽаӡәгьы ҳиеиҷаҳарц: акоронавирус иаҳзаанагаз ашьцылара

Sputnik

COVID-19 ҳзышьцыланы ҳаҟаз ҳабзазашьа аԥсахит. Ачымазара ҿкы иацәшәаны амедицинатә сабрадақәа зхазҵо иалагаз рацәаҩхеит.

Еиҳарак асабрадақәа зҿоу ауаа уԥылоит ахыбрақәа рыҩнуҵҟа, ажәлар ахьеизо аҭыԥқәа рҿы. Аха иҟоуп апарк аҿы ма аԥшаҳәаҿы ианынеиааиуагьы зынӡа изхызымхуа.

Жьҭаара 13 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адҵа инапы аҵаиҩит атәылаҿы акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ралагаларазы. Урҭ инарықәыршәаны, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргаларц рабжьыргоит.

Жьҭаара 15 рызтәи адыррақәа рыла, акоронавирустә инфекциа Аԥсны ирыдырбалахьеит 2672-а, ргәы бзиахеит 1175-ҩык, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

1 / 18
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иуԥылоит асабрадақәа зҿоу аҭыԥҳацәа
2 / 18
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Алада Кавказ аҿы Евроеидгыла иҷыдоу ахаҭарнак Тоиво Клаар даниԥылоз
3 / 18
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа урҿыԥшыртә иҟоуп. Урҭ алекциақәа раан адагьы, аԥсшьараамҭақәа рызгьы асабрадақәа рҿоуп.
4 / 18
Аџьармыкьаҿы асабрада зҿаны иуԥыло рацәаҩым, аха ари аҭиҩы лыхгьы дазхәыцуеит, даҽаӡәгьы ашәарҭара дҭалыргылом.
5 / 18
Аџьармыкьа - реиҳа ауаа рацәаны иахьеизо аҭыԥқәа иреиуоуп. Убри азы ароуп еиҳарак ухы уахьеиҷаҳаша.
6 / 18
Астудентцәа анеицәажәогьы асабрадақәа рҿоуп.
7 / 18
Амашьынаргыларҭаҿы аус зуа ахаҵагьы ихы ихьчоит.
8 / 18
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа апандемиа аамҭазы даҽа "џьаԥҳаныкгьы" рзацлеит - амедицинатә сабрада.
9 / 18
Ари ахәыҷы иакәзар, зегь рыла алеишәа ааирԥшуеит - даҽаӡәы иҽизааигәаитәуам, асабрадагьы иҿоуп.
10 / 18
Асабрада авирус адагьы узыцәнахьчо ыҟоуп.
11 / 18
Афильм "Чик ихәыҷра" аԥхьарбараан еизаз ауаагьы асабрадақәа рҿан.
12 / 18
Азинхьчаҩгьы ҳазҭагылоу аамҭа иашьашәаланы зегь рыла деибыҭоуп.
13 / 18
Иршәуи рсабрадақәеи еинрааланы изшәызҵогьы маҷҩым.
14 / 18
Апаркқәа рҟынгьы асабрадақәа зҿызымхуа ыҟоуп.
15 / 18
Аԥсуа телехәаԥшра аоператор "75 лет Победы" ҳәа зну асабрада иҿоуп.
16 / 18
Ажурналистцәа асабрадақәагьы рҿоуп, хара-харагьы еидтәалоуп.
17 / 18
Ахымҩаԥгашьа иаша уақәшәар, авирусгьы уҵараҵара иаԥырхагахом.
18 / 18
Шахи мати азықәҳаргылап, ҳаиааип акоронавирус.