Ҭагалантәи акакаҷқәа: Аԥсны аԥсабара аԥхынра шнаскьанаго

Sputnik

Абри ашықәс аамҭазы Аԥсны иқәынхо ауааи асасцәеи ара изызҳауа ашәаԥыџьаԥ рызхара ирызбом, убри аҟара иԥшӡоуп - есымша ииаҵәоу аԥсақәа, атропикатә пальмақәа, урҭ ирывагылоуп амагнолиақәа, аолеандрқәа уҳәа зеиуахк уҭаху еиуеиԥшым аҵиаақәа.

Ҭагалан Аԥсны усҟак ишоурам аԥхын еиԥшҵҟьа, аха акыр иԥхарроуп. Ҽынла аҳауа аԥхарра бжьаратәла +23°С, уахынла +14°С.

Аԥхынтәи амра ашәахәақәа рҟны рыҽдырԥхарц Аԥсныҟа иаауеит Урыстәыла зегь аҟынтәи атуристцәа. Амшын аҿы зҽызкәабо рацәаҩуп, даҽа шьоукы аҭыԥантәи аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаауеит, ашьхарақәа рахь ныҟәара ицоит.

1 / 9
Аԥсны ҭагалан акыр ихьшәаны иааиуеит, уи дыршаҳаҭуеит акыр аамҭа аԥхарра зҵоу амшқәа рыдагьы, иааҳакәыршаны ишәҭуа аҵиаақәа.
2 / 9
Шықәсык изызҳауа ашәҭқәа улаԥш дыргәырӷьоит
3 / 9
Аҩнытәи ашәҭқәагьы макьана ауаа рбарҵақәа рҟны иқәыргыланы ирымоуп.
4 / 9
Аҳауа цқьеи аԥсабареи рыла ргәы дырҭәуеит ауаа рыдагьы, ацыгәқәагьы.
5 / 9
Ари Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы изызҳауа абананқәа роуп.
6 / 9
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы изызҳауа ашәҭқәа амрахь рхы рханы игылоуп.
7 / 9
Аԥсны ҭагалан бутиа ҟалоит, урҭ афиникқәа роуп ҳәа згәы иаанагогьы ыҟоуп.
8 / 9
Абыжәырҭа (Брехаловка) аҿы амш анбзиоу ахацәа еизаны ашахмат иасуеит.
9 / 9
Ҳамҩақәа зырԥшӡо аолеандр.