АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V", COVID-19 апрофилактиказы иҭыжьу, 2020 шықәса анҵәамҭазы аҭыжьра хәынтә иацҵахоит, миллионки бжаки доза рҟынӡа ихагалахоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр Денис Мантуров иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ари амза нҵәаанӡа 300 000 доза рҭыжьраҟынӡа инаҳагӡарц ҳагәҭакуп, абҵарамзазы – 800 000, ашықәс анҵәамҭаз – 1,5 миллион рҟынӡа", - ҳәа иҳәеит иара ателеканал "Россия 24" аинтервиу аҭо.
Ииасыз амчыбжь азы иара иазгәеиҭахьан "Спутник V" аҭыжьра 2021 шықәса ааԥынразы 15 миллион доза инаҳагӡоит ҳәа.
Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".
Алаҵа аҭҵаарагәаҭарақәа қәҿиарала ирхысит 18 - 60 шықәса зхыҵуаз хатәгәаԥхарала иҟазҵаз рҿы. Урҭ зегьы рҿы коронавирустә инфекциа COVID-19 аиммуннтә ҭаки ацәеижьҿагыларақәеи роуит.
Уаанӡа адыррақәа ыҟан алаҵа 20 рҟынӡа тәыла азыҳәара шазырухьо миллиардк рҟынӡа доза аахәараз. Урыстәыла хә-тәылак ирылацәажәахьеит алаҵа аҭыжьразы. Иара алшарақәа 500 миллион доза рҭыжьра алнаршоит ҳәа иӡбоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Спутник V" иреиҳаӡоу ахәԥса шьақәдыргылеит
Ҟәбан акоронавирус азы алаҵа аиура иалагеит