АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Урыстәыла ачымазара ашыкьраҵәҟьа иазааигәахоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Роспотребнадзор аепидемиолог Наталиа Пшеничнаиа лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Лара илҳәеит ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшқәа шрыҭоугьы жәпаҩык ауаа аҩнынтәи аусуратә режим шрымоугьы, ахҭыс ҿыцқәа реизҳара ишаҿу.
Убри аан лара илҳәеит аԥкрақәа иаразнакы хра рыманы рхы шаадмырԥшуа.
"Ианамуӡах, инкубациатә аамҭак—14 мшы цароуп. Уажәы аҵыхәтәантәи ажәиԥшьымш рыҩнуҵҟа ичмазаҩхаз роуп иаадырԥшуа", - ҳәа лҳәеит лара.
Пшеничнаиа дақәгәыӷуеит уахыки-ҽнактәи арбага 20 000-ҩык иреиҳахарым ҳәа.
"Аха ари арбага анырра анаҭар алшоит апрофилактикатә уснагӡатәқәа рықәымныҟәара, абри аамҭазы аҳауа иаалырҟьаны ахьшәашәахара. Уи ауаа рцәеижь ахыхьчара ланарҟәуеит, авирусқәа рымҩа аанартуеит, COVID-19 абрахь иналаҵаны", — лҳәоит лара.
Аепидемиолог илҳәеит абҵара аԥхьатәи ахәҭазы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шьақәтәар алшоит, нас маҷ-маҷ илаҟәуеит ҳәа.
Аексперт лажәақәа рыла, атәылауаа рыхдырра, аԥҟарақәа рықәныҟәашьа акраҵанакуеит.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иантирекордтәу 15 982 COVID-19 хҭыс аҭыԥ аман. 5328-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 179-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Аҭагылазаашьа еиҳа ихьанҭоуп Москва.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы 2903-ҩык акоронавирус рыдырбалахьеит. Ргәабзиара шьақәгылеит 1197-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 28-ҩык.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>