АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Франциатәи асенатор Валери Буаие аҳәамҭа ҟаиҵеит абри амчыбжь азы Асенат ахь Ашьха Ҟарабах азхаҵаразы адокумент шынаишьҭуа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ашьха Ҟарабах аҿы Азербаиџьан ажәыларақәа раанкылара иаанаго аҭырқәа ислам Европа алаҵәара аанкылароуп. Абри амчыбжь азы Асенат ахь Ашьха Ҟарабах азхаҵарази Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани рхымҩаԥгашьа ақәыӡбарази адокумент насышьҭуеит", - ҳәа иҩуеит Буаие Twitter аҿы.
Уаанӡа Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Жан-Ив Ле Дриан Асенат аҿы иқәгылараан иазгәеиҭахьан Ашьха Ҟарабах аҳәаанырцә тәылақәа, хаҭала Ҭырқәтәыла ар рылагалара ҟалашьа амамзароуп ҳәа.
Убри аан Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҟарабах аганахьала Франциа, уи минсктәи ОБСЕ агәыԥ излацхантәаҩу ала, апозициа шыҟоу иаанхар ауп ҳәа азгәеиҭеит.
Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿы бџьаршьҭыхрала еиҿагылеит цәыббра 27 азы. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵоит. Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит Ермантәыла. Бақәа акәзар, амобилизациа ахәҭакахьала ирылаҳәоуп, акоменданттә сааҭ аус ауеит.
Аганқәа рыҩбагьы рдыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа ыҟоуп аруаа рганахьеиԥш, аҭынч уааԥсыра рганахьалагьы.
Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.
1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ермантәыла Апарламент адепутат Ҟарабах дырхәит
Ҳагба Ашьха Ҟарабах ицо аидысларақәа рзы: раанкылара зылшо Урыстәыла ауп
Ҷаниа Ашьха Ҟарабах иҟоу аимак азы: Урыстәыла даҽа ԥсыхәак амам, ари азҵаара амӡбыр ада