Амобилтә цхыраара: урыстәылатәи антиковидтә госпиталь Аԥсны

Sputnik

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит.

Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 113-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит. Иара убас ара иҟоуп алабораториа, арентген ауада, еиқәыршәоуп арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа рыла. ПЦР-анализқәагьы аҭыԥан иҟарҵалоит.

Урыстәылатәи арратә госпиталь раԥхьатәи COVID-19 змоу апациентцәа аднакылеит жьҭаара 20 аҽны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 13
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" аҟны жьҭаара 19 рзы идыргылеит.
2 / 13
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз арратә госпиталь иахьа, жьҭаара 20 раԥхьатәи апациентцәа аднакылеит.
3 / 13
Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь аруаа аштаттә техника ала Ставропольтәи атәылаҿацә Будионновск ақалақь аҟынтәи Аԥснынӡа иааит 800 километра ирхысны.
4 / 13
Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 113-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи.
5 / 13
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь, иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.
6 / 13
Урыстәылатәи аҳақьымцәа иааргеит амедицинатә маругақәеи ахәшәқәеи.
7 / 13
Иҟоуп алабораториа, арентген ауада, еиқәыршәоуп арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа рыла. ПЦР-анализқәагьы аҭыԥан иҟарҵалоит.
8 / 13
Амобилтә госпиталь аҿы аус рулоит 99-ҩык аҟазауаа.
9 / 13
Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.
10 / 13
Оборудование для мобильного госпиталя Минобороны России в Абхазии.
11 / 13
Апалаткақәа амашьынақәа ианырҭыргоз аруаа асабрадақәа рҿан, ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәон.
12 / 13
Агоспиталь аусура хацнаркит жьҭаара 20 рзы.
13 / 13
Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан Аԥсны атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәара ашьҭахь, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿ ацхырааразы.