Авирусолог COVID-19 аҟынтә алаҵа змыхәо шыҟоу иҳәеит

Урыстәыла адунеи зегь аҟны раԥхьа акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҟынтәи алаҵақәа ҩба ашәҟәы иҭаргалеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik. COVID-19 аҟынтәи алаҵа аиммунодефицит змоу рзы ихрадахар алшоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амедицинатә наукақәа рдоктор, авирусолог Анатоли Альтштеин иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Авирусолог иажәақәа рыла, уи зыхҟьо ацәеижьҿагылақәа роура ауадаҩрақәа роуп.

"Ауаа зегьы еиԥшымкәа ацәеижьҿагыла аархәар рылшоит, аха урҭ гәыԥ-гәыԥла реихшара уадаҩуп. Уи ауаҩы игәабзиара акәӡам изыдҳәало, ицәеижь артәашьоуп. Уи атәы уаҩы заанаҵы издырам", - иҳәеит Альтштеин.

Аҳақьым агәра игом зықәра неихьоу, ахьҭалалара хызҽуа ахәшәқәа здызкыло, арыжәтә зжәуа роуп ацәеижьҿагылақәа роура ззыцәгьоу ҳәа иҟоу агәаанагара.

Ацәеижьҿагылақәа роура апроблемақәа уаанӡа дрылацәажәахьан Гамалеиа ихьӡ зху Ацентр адиректор Александр Гинцбург. Иара ааԥхьара ҟаиҵеит алаҵаҟаҵараан арыжәтә ажәра мап ацәкызарц, иҳәеит абыргцәа риммунтә система алаҵа еиҳа икәаданы ишаднакыло.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: