COVID-19 имаҷны иахьалаҵәоу Урыстәыла арегионқәа рыӡбахә ҳәоуп

Аепидемиа иаалагазар, Урыстәыла коронавирустә инфекциа рыхьхьеит 1,4 миллионҩык иреиҳаны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рылатәи арбагақәа рыла COVID-19 еиҳа илаҟәуп Чечниа, Чувашиа, Чукоткатәи автономтә округ рҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла авирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб адыррақәа шьаҭас иганы.

"Еиҳа авирус аҽахьамырцәгьо асубиектқәа: 1. Чечентәи Ареспублика - 0,2%, 2. Чувашиатәи Ареспублика, Чукоткатәи автономтә округ - 0,5%, 3. Москватәи аобласт, Ареспублика Даӷьесҭан, Ареспублика Таҭарсҭан, Челиабинсктәи аобласт - 0,6%", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аепидемиа иаалагазар Урыстәыла акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 1 447 335 иреиҳаны. 25 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит, 1,096 миллионҩык ргәы бзиахеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>