Арадио

Дочиа еиҭеиҳәеит COVID змоу рзы Тҟәарчал аҟәша ҷыда аартразы иахьынӡахиоу

Иахьазы зыргылара иаҿу, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 зыдбало ачымазцәа рзы иҷыдоу аҟәша шаартхо атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит араион ахада Исидор Дочиа.
Sputnik
Дочиа еиҭеиҳәеит COVID змоу рзы Тҟәарчал аҟәша ҷыда аартразы иахьынӡахиоу

"Ахәышәтәырҭа хада аргылара иаҿуп, макьана иалымгацт. Аха иҳадаҳкылеит ақәҵара аргыларақәа иахьырҿу, актәи аихагылаҿы аполиклиника аҭыԥ ахьазгәаҭоу ачымазаҩцәа рыдкылара. Уи аргылаҩцәа русура арцәгьоит, аха ҳазааит мызки бжаки, ҩымз рыла еиқәыршәаны ауаа ҳадаҳкылартә еиԥш иҟаларцаз. Иагқәоу рацәан, аӡы ыҟамызт, алашара неиуамызт, ҩымш -хымш рыла уи зегьы ҳзыҟарҵеит, иахьа уи аҭыԥ ауаа аднакылартә аҟынӡа инагоуп, иаҭахәқәоу амаругақәа, акаруаҭ уҳәа анааҳхәалак, ауаа ҳадаҳкылоит, ачымазара злаҽымкәа иҟоу. Сгәы иаанагоит амчыбжь нҵәаанӡа аусурақәа зегьы хыркәшахап ҳәа", - азгәеиҭеит Дочиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>