Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 23- Sputnik. Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато иҭыхымҭақәа рсериа "Аотель DusitD2 аҿы атеракт" Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс аҿы аԥхьахә хада анашьахеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс аҿы аԥхьахә хада иаԥсахаз ихьӡ рылаҳәан онлаин-церемониаҟны амедиагәыԥ "Россия сегодня" амультимедиатә пресс-центр аҿы.

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

2020 шықәсазы Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато иҭыхымҭақәа рсериа "Аотель DusitD2 аҿы атеракт" аԥхьахә хада анашьахеит. Иара иаанарԥшуеит 2019 шықәса, ажьырныҳәамзазы Наироби асасааирҭатә центр аҿы аҭыԥ змаз арыцҳара.

Тато еиҭеиҳәеит хынтә абри аконкурс аҟны призиорс дшыҟалахьоу.

"Есышықәса аконкурс алахәхаразы арзаҳалқәа насышьҭуеит. Избанзар аконкурс иунаҭоит алшара упрофессионалтә дырра аизырҳаразы", -иҳәоит афотоҭыхыҩ.

Аиааиҩы дидныҳәало МИА "Россия сегодня" адиректор Дмитри Киселев иҳәеит Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурса ахатә фанклуб шамоу.

"Сынтәа афотосахьақәа аарышьҭит хә-нызқьҩык рҟынӡа афотоҭыхыҩцәа 75  тәыла рҟынтәи. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп",- иҳәеит Киселев.

Ажурналистцәа рзы аконкурс аҵак ду шамоу лҳәеит МИА "Россия сегодня",  ателеканал  RT рредактор хада Маргарита Симониан, иагьазгәалҭеит иара ишалнаршо зуалԥшьа анагӡараан иҭахаз афоторепортер Андреи Стенин ихьӡ анаӡаӡатәра.

Аконкурс аҿы ирылаҳәан  2020 шықәсазтәи алауреатцәәәа рыхьӡқәа. Аноминациа "Ажәабжь хадақәа" рҟны ахьтәы медал анашьоуп Великобританиатәи ихьыԥшым афотожурналист Линзи Биллинг лусумҭа "Похороненная справедливость", Филиппины анаркотикқәа ирҿагылан ақәԥара иазку.

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Иара абри аноминациаҿ аиааира агеит афранцыз Жофре Гимара ифотографиатә роуд-стори "Южная граница" –Ацентртә Америкеи, Гаитии,, Кубеи рҟынтәи амигрантцәа знысуа амҩа.

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Афотосахьа "Жизнь на краю" (арепортер Сумита Саниа, Калькутта) адгьылбжьаха Мусуни ауааԥсыра ирызкуп – аноминациа "Сара спланета".

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Абри аноминациа асериақәа иреиӷьу рахь иаҵанакит воркутатәи ахроникақәа "Столица исчезающего мира" (Сергеи Паршуков Урыстәыла).

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Аспорттә номинациаҿ иреиӷьны иршьеит аҭырқәа фотоҭыхыҩ Шебнем Кошкун ифантасмагориа. Абри аноминациа асериақәа ирылкаахеит урыстәылатәи ажурналист Павел Волков Алексеи Талаи ифотоҭоурых.

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Аноминациа "Апатреҭ. Ҳаамҭа афырхаҵа" аҟны актәи аҭыԥқәа рыҭоуп Италиеи Урыстәылеи рфотожурналистцәа. Иаку акатегориаҿы – урыстәылатәи Иури Смитиук иусумҭа "Остров Врангеля", аҳәырԥсарра "Остров Врангеля" аусзуҩ Павел Кулемеев изку.

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Иреиӷьу афотоҭоурыхқәа рахь иаҵанакит: италиатәи ажурналист Данило ГарсиаДи Мео и-"Кватрани". Дети землетрясения".

Испаниатәи афотоҭыхыҩ Луис Тато Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы Гран-при иоуит

Традициала аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьаҭаркуп аԥхьахә ҷыдақәагьы. 2020 шықәса рзы аноминациақәа хԥа– "Ажәабжь хадақәа", "Сара спланета", "Апатреҭ. Ҳаамҭа афырхаҵа" хазтәи аԥхьахәқәа рыла иазгәаҭан.

Аноминациа "Ажәабжь хадақәа" партниорцәаны иазыҟоуп еицырдыруа жәларбжьаратәи  амедиақәа – Еидҵоу шанхаитәи амедиа гәыԥ(ОШМГ), агазеҭ "Чайна Дейли" аинтернет-портал, Ауаажәларратә информациатә холдинг Аль-Маиадин ТВ, иара убасгьы  агуманитартә еиҿкаара Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи аилак (МККК) реиԥш иҟақәоу. Аноминациаҿ иреиӷьу ҳәа иалхуп: афотосахьа "Похороненная справедливость" (Линзи Биллинг, Великобританиа), агуманитартә еиҿкаара Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи аилак (МККК) аԥхьахә ҷыдала иалнакааз афотосериа "Эбола: ДР Конго" (Џьон Весселс, ИуАР).

Стенин ихьӡ зху аиндаҭлараҿ онлаин-бжьыҭирала иаиааиз ихьӡ ҳәоуп

Ауаажәларратә информациатә холдинг Аль-Маиадин ТВ Аноминациа "Ажәабжь хадақәа" рҟны иалнакааит аусумҭа "Черный прилив в Бразилии" (афотожурналист Леонардо Малафаиа Альвес, Бразилиа). Афотоҭыхымҭа "Жизнь на краю" (Сумита Саниа, Индиа),  аԥхьахә анаршьеит аноминациа «Сара сыпланета» ала Еидҵоу шанхаитәи амедиагәыԥ. "Кватрани". Дети землетрясения" (Данило Гарсиа Ди Мео, Италиа), агазеҭ "Чайна Дейли" аинтернет-портал аԥхьахә ананашьеит аноминациа "Апатреҭ. Ҳаамҭа афырхаҵа» ала.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" ИУНЕСКО аусқәа рзы УА Акомиссиа ахылаԥшрала еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ, аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала.

2020 шықәса рзы аконкурс информациатә партнер хадоуп: аинформациа-жәабжьтә портал Вести.Ru, урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә телеканал "Россия-Культура". Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партнерцәаны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ажәабжьтә маҵзура ANA, ателеканали апортали RT, Shanghai United Media Group (SUMG), аинтернет-портал China Daily, аинтернет-портал The Paper, амедиа-ҳа Al Mayadeen, аинформациатә маҵзура Prensa Latina, аинформациатә маҵзура News1, аинтернет-портал DBW, ажәабжьтә портал Brasil247, ажурнал "National Geographic Россия", апортал Russian Photo, апортал Photo-study.ru, афотошкола "Академия фотографии", аинформациатә портал YOung JOurnalists, ажурнал Fotoargenta, Ниу-Дели афотожурналистика аклуб, ажурнал Enfoque Visual, ажурнал LF Magazine, жәларбжьаратәи афестиваль PhotON.