АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Ҟарачы-Черқьесски Даӷьысҭани жәларбжьаратә атеррористцәа ргәыԥ "Ат-Такфир Валь-Хиджра" иатәу агәыԥқәа ҩба русура ԥыркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура ҷыдақәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҟарачы-Черқьесск, Малокарачаевтәи араиони Даӷьысҭантәи ақалақьқәа Махачкала, Каспииск, Избербаш рҿы жәларбжьаратә атеррористцәа ргәыԥ "Ат-Такфир Валь-Хиджра"* иатәу аиачеикақәа ҩба, 20-ҩык злахәыз нкылан", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иаланарҵәаз аинформациа ишаҳәо ала "атакфиритцәа" арадикалтә идеологиа ауаа ирыдыргалон, иадрыԥхьалон, ауаажәларратә еилазаара азакәанқәа мап рцәыркларц рарҳәон, иара убасгьы Нхыҵ Кавказ иахьаҵанакуа атеократиатә исламтә ҳәынҭқарра – ахалифат аԥҵара рабжьыргон.
Аоперациа ҷыдаан аисламистцәа ирымхын агранатақәа хԥа, атапанчақәа ПМ хԥа, еиуеиԥшым агәыцә змоу апатронақәа, ашәарыцага шәақь, аекстремист литература.
Урыстәыла ззин ыҟам агәыԥ*
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: