Габниа: агәыдкылареи анапеимдареи убаӡом, ауаа рхы рыхьчо иалагеит
© Sputnik
"Аԥкрақәа шалагалазҵәҟьа адәқьанқәа рҿы аус зуа адырра раҳҭеит, ауаа еилагылартә еиԥш аҭагылзаашьа аԥырымҵарц. Ачарақәа руразы акәзар, амилициа араионтә ҟәша аҟынтә иааны ҳгәы ҳҽанырҵеит, ҳаргьы ауааԥсыра ирылаҳҳәеит, иааиргьы азин ылырхырцаз, ихыргартә еиԥш ирабжьаҳгоит. Анхацәагьы ирықәныҟоит аԥкрақәа, ачымазара иаҳа иацәшәоит, ауаа ак рыхьыр ҳәа иазхәыцуеит. Ацәгьара акәзар, ауаа заа аԥсы анышә дарҭоит, абжьааԥны еиԥш еилагылаӡом. Атәарақәагьы ирҟәаҵит ҳәа иазгәасҭарц сылшоит. Инеит, иаадышшылан ицоит. Агәыдкылареи анапеимдареи убаӡом, ауаа рхы рыхьчо иалагеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.