Ермантәылеи Азербаиџьани аинышәара арежим аилагаразы ахара рыдибаҵоит

Ашьха Ҟарабах ахымца нкылахоит ашәахьа, жьҭаара 26 асааҭ 7.00 (8.00) рзы Ермантәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи русқәа рминистрцәа реиԥылара ашьҭахь ҳәа Аҳәамҭа рыланарҵәеит ЕАА Аҳәынҭдепартамент
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik. Ереван Бақәа ахара аднаҵеит аинышәара арежим иқәныҟәом ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ермантәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Ермантәыла, Азербаиџьан, Америка Ҟарабах агуманитартә еинышәараз еилацәажәеит

"Еиду Аштатқәа рҟны иалыршаз аиқәшаҳаҭра еилаганы азерррбаааиџьантәи аган асааҭ 08:45 (07:45 мск) рзы артиллериала Арцах аҩада-мрагыларатәи  аинырратә цәаҳәаҿы алахысра иалагеит", - лыҩуеит Facebook аҿы Ермантәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Шушан Степаниан.

Уаанӡа Азербаиџьан Ермантәыла ахара аднаҵахьан аиқәшаҳаҭрақәа еиланагеит ҳәа.

Уи аԥхьа Ашьха Ҟарабах ахымца нкылахоит ашәахьа, жьҭаара 26 асааҭ 7.00 (8.00) рзы Ермантәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи русқәа рминистрцәа Зограб Мнацаканиаи Џьеихун Баирамови реиԥылара ашьҭахь ҳәа Аҳәамҭа рыланарҵәахьан ЕАА Аҳәынҭдепартамент

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Ермантәылеи Азербаиџьаниии арратә ҭагылазаашьа рыларҳәеит. Ҟарабах адыррақәа рыла  ареспублика ауаа реиланхарҭақәа артиллериала ирылахысуан, аҳҭнықалақь Степанакертгьы налаҵаны.