"Нарҭи" "Афони" реиԥылара: ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат афинал

Sputnik

Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит, ашьапылампылтә клуб "Афон" ианаиааи ашьҭахь. Аҟәатәи аклуб Афонҿыцтәи акоманда иаԥнагеит 3:0 ҳәа ашьапылампыл азы Ачемпионат аҵыхәтәантәи атур аҿы.

Ачемпионат аихшьаалақәа рыла "араӡны" аиуит гәдоуҭатәи "Риҵа", ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит аҟәатәи акоманда "Динамо".

1 / 12
Афон Ҿыц имҩаԥган ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахәмарра.
2 / 12
Афинал аҟны "Нарҭи" (Аҟәа) "Афони" (Афон Ҿыц) ркомандақәа еиԥылеит.
3 / 12
Ахәмарра ахәбатәи аминуҭ аан ампыл амба иҭаиршәит Ҭемыр Агрба ("Нарҭ" Аҟәа)
4 / 12
Аҩбатәи атаим аан аӡбаҩ аҟәатәи акоманда ахәмарыҩ Асҭамыр Џьынџьал далицеит. Абри ашьҭахь "Нарҭ" жәаҩыкны ихәмаруан.
5 / 12
Еиҭахарыла ма аҵахарыла ихәмарыр актәи аҭыԥ зауаз гәдоуҭатәи "Риҵа" акәхон.
6 / 12
Ҭемыр Агрба, аҽазныкгьы, 60-тәи аминуҭ азы ампыл ҭаиршәит. 71-тәи аминуҭ азы ахԥатәи ампыл амба иҭаиршәит Алан Кәыҵниа.
7 / 12
Аҟәатәи аклуб Афонҿыцтәи акоманда иаԥнагеит 3:0 ҳәа ашьапылампыл азы Ачемпионат аҵыхәтәантәи атур аҿы.
8 / 12
Ачемпионат аихшьаалақәа рыла "араӡны" аиуит гәдоуҭатәи "Риҵа", ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит аҟәатәи акоманда "Динамо".
9 / 12
27-тәи ачемпионати Атәыла ахраҿеи рзы ахәмаррақәа ирылахәын быжь-командак: "Риҵа", "Афон", "Ерцахә", "Самырзаҟан", "Динамо", "Нарҭ", "Гагра".
10 / 12
Ашьапылампыласҩцәа риааира иақәгәырӷьоит.
11 / 12
Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат ахәмаррақәа хацыркын нанҳәа 3 - 4 рзы.
12 / 12
Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит.