Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Азовтәи амшын аҟны атанкер аԥжәара ԥырхагас иаҵоу аекологиазы

Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Азовтәи амшын аҟны атанкер аԥжәара Амшын Еиқәа ԥырхага ахьынӡанаҭо атәы.
Sputnik
Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Азовтәи амшын аҟны атанкер аԥжәара ԥырхагас иаҵоу аекологиазы

"Азовтәии Амшын еиқәеи еимадоуп аӡыбжьахала хәыҷы ала. Арҭ амшынқәа рхатә ҟазшьақәа рымоуп, аӡы ус иҟәазгаӡа иҭатәаӡам, арҭ амшынқәа рҟны аӡы аныҟәара еиқәшәаӡом. Атанкер аԥжәара уаҟа Амшын Еиқәа ԥырхага анаҭаӡом", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.