Гәарамиа акалмаҳааӡарҭа "Кәыдрытәи аӡыхь" акурорттә аамҭазы аусуразы: хар амам
© Sputnik
"Нанҳәазы аҳәаа аадмыртызҭгьы ҳусқәа башахон, ҳуал иҳақәыз абжеиҳара ҳшәеит. Асезон кьасаны иалагеит, ҳаилыркаап ҳәа ҳгәыӷуеит зуал ҳақәу. Хар ҳамаӡам, ауаа ыҟан. Иахьа шьҭа хыцҩыцқәак роуп иҟоу. Аишәак аҟны итәо ҟалар алшоит, имааиргьы ауеит. Ԥхынҷкәынмзазы иҟалоит рҳәоит аԥсшьаҩцәа. Сынтәа ҩ-тоннак рҟынӡа аԥсыӡ цеит. Хәбаҟа тонна цозҭгьы иманшәалахон, аха ауаа амчымхара рымоуп, хҩык ԥсыӡк анаархәозгьы ыҟан", - иҳәеит Гәарамиа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: