Арадио

Џьергьениа аԥсыӡ ақәырҭ аҟьараан ахылаԥшразы: амлагәыр иацло иалагеит

Риҵатәи Амилаҭҭә ареликттә парк аҟны абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьыз Џьергьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсыӡқәа ақәырҭ анырҟьо аамҭазы , урҭ реиқәырхаразы аҷаԥшьара шымҩаԥырго.
Sputnik
Џьергьениа аԥсыӡ ақәырҭ аҟьараан ахылаԥшразы: амлагәыр иацло иалагеит

Жьҭаара 25 инаркны ԥхынҷкәын 10-нӡа аԥсыӡқәа ақәырҭ аҟьара иалагоит. Ари аамҭазы аԥсыӡкра азин ыҟаӡам.

"Аинспекторцәа, аиҳабацәа зегьы ҳазҿу ҳаԥсабара, ҳаԥсыӡ ахьчара ауп, ҳхәыҷқәа ирбартә еиԥш аус ҳуеит. Акалмаҳи амлагәыри ари аамҭазы ақәырҭ рҟьоит, аԥсыӡкра аанкыланы иҟоуп. Аҷкәынцәа уахынлагьы иҷаԥшьоит. Ҵыԥх амлагәыр ахьыҟоу 26 жрақәа ыҟазҭгьы, сынтәа иҵегьы иацлароуп ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Иубаратәы иҟоуп ахылаԥшра амҩаԥгара ашьҭахь аԥсыӡ ишацлаз. Аԥҟарақәа рықәныҟәара иабзоураны ҳӡиасқәа рҟны аԥсыӡ аҽеиҵнахо иалагеит", - иҳәеит Џьергьениа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: