Шамба Паҷ Барцыц изы: дсыздыруам аӡәы абас зыԥсы цқьаны зыжәлар рымаҵ зухьоу
© Sputnik
Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аҩбатәи аҩаӡара акавалер Паҷ Харитон-иԥа Барцыц аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит иахьа Аҟәа. Уи иԥсыжра аиҿкааразы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа.
"Паҷ Харитон-иԥа Барцыц Аԥсны азы даара аџьабаа збахьаз уаҩын. Зхы пату ақәызҵоз, ажәлар пату рықәызҵоз иакәны иԥсҭазаара зегьы данысит. Иахьатәи аамҭазы сара дсыздыруам аӡәы абас зыԥсы цқьаны аҳәынҭқарраҟны зыжәлар рымаҵ зуаз. Даара ацәыӡ ду ҳауит, ауаҩԥсы бзиа дҳаԥхеит. Знык дзацәажәахьаз иԥсра гәыкала издызымкылаз дыҟам. Ахәыҷы изы дхәыҷын, аду изы дуун, иҳәоз иҟаиҵоз идыруан, иԥсҭазааратә мҩа зегьы ихы пату ақәҵаны данысит", - иҳәеит Шамба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.