Арадио

Џьынџьал Тҟәарчал аџьықәреи аҽаҩразы: аибашьра еилгеижьҭеи ас еиԥш ҳамбацт

Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Амиран Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа араион анхацәа рџьықәреи аҽаҩра зеиԥшроу.
Sputnik
Џьынџьал Тҟәарчал аџьықәреи аҽаҩразы: аибашьра еилгеижьҭеи ас еиԥш ҳамбацт

"Ҳраион аҿы ари аҩыза аҽаҩра ҟамлацызт уҳәар ҟалоит. Сынтәа аџьықәреи ахаҭабзиара бзиоуп, алаҵараангьы аҭагалараангьы амшқәа ақәшәеит, зынӡа ахьы иаҩызоуп. Иааидкылан 950 гектар аџьықәреи лаҵаны иҳаман. Гектаркнтә ҩ-тоннаки бжаки ҟалар акәын. Аибашьра еилгеижьҭеи ас еиԥш аҽаҩра ҳамҩбацызт. Аҽаҩра амш иахьыԥшуп, ажәларгьы ибзианы аус адырулан, ҳәарада, алҵшәагьы ҟалеит. Ажәакала, аҭагылазаашьақәеи зегьы еиқәшәеит, ауаа ахагьы роуит, аԥсабарагьы иара атәы ҟанаҵеит", - еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: