Арадио

Барцыц Гагра араион COVID-19 азы: аҭагылазаашьазы даара ицәгьоуп

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоронавирус зыхьуа ачымазаҩцәа рзы араион аҿы иҟоу алшарақәа ртәы.
Sputnik
Барцыц Гагра араион COVID-19 азы: аҭагылазаашьазы даара ицәгьоуп

"Аҭагылазаашьа араион аҿы ицәгьоуп, 200-ҩык иреиҳауп ачымазара змоу. Ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 17-ҩык. Ачымазара аҩны изхызго зегьы ргәабзиара шыҟоу ҳазҵаауеит, иҳамоу алшарала ацхыраара раҳҭоит. Иааиуа амчыбжь азы иаартхоит астационар ҳасабла ачымазара змоу рзы 30-ҩык рҭыԥ. Уи анаҩсгьы иҳамоуп акомпиутертә томограф. Иара икоммерциатәуп, аха уажәы аиҿцәажәарақәа имҩаԥаҳгоит, уи иаалкау атәылауаа рзы хәыда ԥсадахарцаз. Мызкы 100-ҩык рҟынӡа ачымазаҩцәа ргәаҭаразы алшара шыҟало агәра ҳгоит. Уахь иаҵанакуеит зылшарақәа ԥку, насгьы зҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҟынтә ауаа. Иара уи адагьы, Гагратәи амедицинатә коллеџь аҟны аҵара зҵо 30-ҩык астудентцәа ахәышәтәырҭаҿы аҳақьымцәа ацхыраара рырҭалоит. Ахәышәтәырҭа хәшәыла еиқәыршәаразы иҟан ауадаҩрақәа, аха урҭ рҽеиуп. Ҳхатә мчқәа рыла иԥшаахаз маҷым, аха аҳәынҭқаррагьы ацхыраара ҟанаҵеит",- еиҭеиҳәеит Барцыц.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: