Ҭырқәтәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҿы адгьылҵысра ҟалеит

Адгьылҵысра аепицентр апровинциа Измир ақалақь Сеферлихисар иаҵанакит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. 6,6 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра аҭыԥ аман Ҭырқәтәыла Измир иацәыхарамкәа ҳәа аанацҳауеит Sputnik Турция.

Ирацәоуп ибгаз ахыбрақәа. Хҩык ауаа ааха роуит. Измир ахада Тунч Соиер иажәақәа рыла 20 рҟынӡа хыбра бгеит. Адгьылҵысра авидеоҭыхымҭа РИА Новости аҟны иарбоуп.

Акадыр аҿы иубарҭоуп адгьылҵысра иахҟьаны еилаҳауа ахыбрааа ахәҭак.

6,6 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра аҭыԥ аман Ҭырқәтәыла  Измир иацәыхарамкәа.   Ахыҵхырҭа  — 16,5 километра рҟынӡа адгьыл иҵоуп.

Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев аколлега Таип Ердоган аҭел дизасны иҳәеит иахәҭоу ацхыраара дшазыхиоу.

Иара убасгьы ацхыраара ишазыхиоу рҳәеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рхадацәа.