Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

Лыхны ақыҭан инхо Инга Наӡаӡе-Сақаниа лура-ҭагала шылԥыло ҳзеиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.
Sputnik

Ҭагалан Аԥсны даҽа аамҭанык иаламҩашьо иҟоуп. Анхацәа рџьабаа зцу, бзабааны ирԥыланы ианҭаргало еиӷьу иҟоузеи! Ҩныцыԥхьаӡа алҩаҵә ҩеиуеит, ақыҭа ԥсҭазаара еилашуеит. Улымҳа инҭаҩуеит аихабжьы, аџьықәреи, аҟәыд ҭазгало дубап, аԥҳә ҿазҳәо, аҭәа еиқәызҵо уҳәа.

Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аӡын ааира иазыԥшу ақыҭанхаҩцәа рыбзазашьа, рыԥсҭазаашьа џьоушьартә иҟоуп. Ирыԥх-рыԥхны ихшьуп ахәырмарҩа, аҵәарҩа, ааигәа аҩыӡла иӡааршьыз аџьынџьыхә цыр-цыруа афҩы лаҳа-лаҳауа аҳауа иалоуп. Ана-ара аҳәсҭақәа рыҟны аҟәараш еиԥш ишьҭоу аҟабқәа убла нарықәшәоит. Ахәырма, ажь, аӡынҵәа еишәхашьшьыла абаҳча иҭагылоуп. Аӡын асыԥса анауа еиԥш, абыӷьқәа уажәы-уашьҭан икаԥсоит, аԥша еимнадоит. Ажәакала, быӷькаԥсан ссируп аԥсуа қыҭаҟны.

Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

Лыхны ақыҭа инхо Наӡаӡе-Сақаниа Инга акыр шықәса ақыҭа ԥсҭазаара дадҳәалоуп. Аԥшәмаԥҳәыс лашҭа уанынҭало иаразнак иуныруеит шаҟа аџьабаа ацны, бзиа ибаны анхара дшазыҟоу. Лашҭа иқәуп ашәишәи, акәты, аҟызқәа уҳәа аҩнатә ԥсаатәқәа.

Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

Хкы-хкыла ихҩаны илызгылоуп ашәырӡқәа, еиуеиԥшым ашәыр қалмышьқәа, анаша, апырпыл рҵәқәа уҳәа аӡын гьамала иуфаша зегьы.

Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

Луҭраҭых аҟны афҩы лаҳа-лаҳауа иҭагылоуп акама, араҳана, еиҭаҳауп ахәыл, апырпыл, амшәмаахыр ҟаԥшьӡа улаԥш нақәшәоит, аҟабқәа.

Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

Ууамашәа иубаша – аԥсуа ҭаҭын шәҭны ауҭра иҭагылоуп. Аԥшәмаԥҳәыс лажәақәа рыла, аҭаҭын егьырҭ ауҭраҭых ианалазҳауа ачымазарақәа ирцәынахьчоит.

Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

Наӡаӡе-Сақаниа Инга ақыҭаҟны ацәгьа-абзиа аан еснагь аԥхьа игылоу, изызҵаауа, имҩақәызҵо ԥҳәысуп. Афатәҟаҵара аганахьала илзымдыруа ҳәа акагьы ыҟаӡам. Аԥсуа чыс уамакала ихааны гьамала иҟалҵоит. Лымш иалагоит ашьыжь шаанӡа.

"Аԥхын асааҭ ԥшьба рзы сгылоит. Аа-хык рҟынӡа арахә схьоит, еилсыргоит, крырҿаҵаны сгьежьуеит. Санааилак, сыхш раӡаны инақәыргыланы, сыкәҷышь-сшәишәи рахь сҿынасхоит. Иҟауҵарызеи, ақыҭаҟны уанынха, умаашьароуп, еснагь еилашуа ақыҭа ԥсҭазаара уалахәызароуп", – лҳәоит аԥшәмаԥҳәыс.

Лпырпыл рыԥхрақәа еиврыԥхха ихшьуп, ахәырмарҩа, аҵәарҩа, ажәакала аԥшәмаԥҳәыс акала деиҵаханы дубом.

Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

Абзиа уақәгәыӷ, аха ацәгьагьы уазыԥшыз. Сынтәатәи ҭагалан иаҳнарбеит, даҽа аамҭак иаламҩашьо махәҿыла анхаҩцәа аус шыруыз. Избан акәзар ҳазҭагылоу аамҭа мариаӡам, уаҵәтәи амш иаҳзаанаго ҳаздырӡом. Ауаҩы фатәы-жәтәыла деиқәшәазароуп еснагь. Ақыҭаҟны уанынха, уи аҩыза алшара ануоу, адгьыл ишақәнаго аус адуулар, агәахәара умазар, умаашьар, уџьабаа бзабааны иуԥылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: