Арадио

Џьынџьал Гал араион агәамсам кажьырҭа аҭыԥ ҿыц аиҿкааразы: имаҷымкәа аԥара аҭаххоит

Гал араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сурам Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит агәамсам кажьырҭатә ҭыԥ ҿыц азалхуп, аха уи аиҿкаара араион мацара ишалымшо.
Sputnik
Џьынџьал Гал араион агәамсам кажьырҭа аҭыԥ ҿыц аиҿкааразы: имаҷымкәа аԥара аҭаххоит

"Агәамсам кажьырҭа иазалхыз аҭыԥ ашықәс нҵәаанӡа иҭәуеит. Гал араион ахада дызлахәыз акомиссиа иаӡбеит асоветтә аамҭазы агәамсамтә полигон ахьыҟаз аган аҿы агәамсам кажьырҭатә ҭыԥ ҿыц еиҿкаазарц. Уа ҭыԥ бзиоуп, ишахәҭоу еиԥш, ауаа ирԥырхагамхо. Аха агәамсам аҭыԥ ақәҵаразы иҟаҵатәу рацәоуп: ихкаатәуп, ажрақәа ҭыжаатәуп, арҭ аусурақәа зегьы имаҷымкәа аҟәрышь аҭаххоит. Ахарџь зхахьы изго макьана еилкааӡам. Сара сгәаанагарала арахь агәамсам аазго араионқәа зегьы ацхыраара ҟарҵароуп. Ҳраион ахала иалшаӡом арҭ рҩызцәа аусқәа рымҩаԥагара, техникалагьы, ҟәрышьлагьы", - иҳәеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.