Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ашьҭахь: хышықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы деиқәдырхеит

Жьҭаара 30 рзы Ҭырқәтәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҿы змагнитуда 6,6 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. Иҭахеит 79-ҩык, аахақәа роуит 962-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Хышықәса зхыҵуа Элиф Перинчек Измир еилаҳаз аҩнеихагылақәа руак даҵыргеит лыԥсы ҭаны адгьылҵысра ашьҭахь 65 сааҭ ҵуаны ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Anadolu.

Аӡӷаб ахәәшәтәырҭақәа руак ахь днагоуп.

Еиқәырхо рхыԥхьаӡара 106 инаӡоит. Уаанӡа иара убас деиқәырхан 14-шықәса зхыҵуаз Идиль Ширин. Анхарҭаҩнқәа ааба рҭыԥаҿы аԥшаарақәа мҩаԥысуеит.

Ахәашаҽны 6,6 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра аҭыԥ аман Ҭырқәтәыла  апровинциа Измир Сеферихисар ақалақь иацәыхарамкәа.   Ахыҵхырҭа  — 16,5 километра рҟынӡа Егеитәи амшын аҵа иҵоуп. Иара иахҟьаны амшын аҭра иҭыҵны амшын иаԥныз амҩадуқәа аӡы рнылеит.

Адгьыл аҵысра рнырит бырзентәылатәи адгьылбжьахақәа рҿгьы.

Абгарақәа аҭыԥ рыман абырзен дгьылбжьаха Самос аҿгьы. Уа иҭахеит ҩыџьа ауаа, аахақәа роуит ҩеижәаҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: