Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дгьебиа Мархьаул амҩақәа рыҟаҵара иазкны

Мархьаул ақыҭа ахада Даур Дгьебиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәет ақыҭан акаҭран ақәҵаразы ицо аусурақәа ртәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дгьебиа Мархьаул амҩақәа рыҟаҵара иазкны

"Акаҭран ақәҵара иалагеит ԥшьымш раԥхьа, аха уажәы илеиуа ақәа иахҟьаны аусурақәа аанкылоуп. Амш шааҟалак урҭ еиҭахацыркхоит. Иахьазы иқәҵоуп х-километрак акаҭран, зынӡа аа-километрак ҟарҵараны иҟоуп. Ақыҭа мҩада ԥсыхәа амам, дара бааԥсыла иҟан. Ақыҭа дууп, 800 ҭӡы рҟынӡа инаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Мархьаул ақыҭа ахада.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.