Арадио

Аҩӡԥҳа Америка апрезидент иалхрақәа рзы: ирыцклаԥшуа рацәаҩуп

Америка инхо ҳџьынџьуаҩ Лариса Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уаҟа имҩаԥысыз алхрақәа рцашьа атәы.
Sputnik
Аҩӡԥҳа Америка апрезидент иалхрақәа рзы: ирыцклаԥшуа рацәаҩуп

"Алхрақәа ирыцклаԥшуеит атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә ирацәаҩны акомиссиақәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы игылоуп адемократцәеи ареспубликанцәеи рхаҭарнакцәа. Ҳгәы изланааго ала алхрақәа ииашаны имҩасуеит. Иахылаԥшуа рацәоуп, усҟан еиԥш иҟаӡам. Трамп даиааиуа Баиден даиааиуа макьана иҳаздыруам, аха Баиден даиааир, аҳәынҭқарра аҵахь ицараны иҟоуп рҳәоит џьоукы, Трапм даиааргьы аиааира ирҭаӡом зҳәо дубап. Ажәакала, аиҿагыларагьы ҟалар алшоит ҳәа агәаанагара змоу ыҟоуп", - еиҭалҳәеит Аҩӡԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.