Иԥсҭазаара далҵит Михаил Жванецки

Жьҭаарамза алагамҭазы Жванецки ихаҭарнак аҳәамҭа ҟаиҵеит ашәҟәыҩҩы иқәгыларақәа шааникыло иқәра инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Урыстәыла жәлар рартист, ашәҟәыҩҩы-сатирик Михаил Жванецки 87 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара далҵит ҳәа Instagram аҟны илыҩит Алла Пугачиова.

"Сҩыза гәакьа, наунагӡа уаҳԥырҵит. Сгәы уҭазаауеит", - лыҩит лара.

Асовет, урыстәылатә шәҟәыҩҩы-сатирик, Урыстәыла жәлар рартист, Урыстәыла ахада иаԥхьахә занашьаз Михаил Жванецки 86 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит сынтәа, хәажәкыра 6 рзы.