Арадио

Ԥачлиа еиҭеиҳәеит 2020-тәи ашықәс азы Афонҿыцтәи аҳаԥы шаҟаҩы аҭааз

Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы 2020-тәи ашықәс атуристтә аамҭа аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Sputnik
Ԥачлиа еиҭеиҳәеит 2020-тәи ашықәс азы Афонҿыцтәи аҳаԥы шаҟаҩы аҭааз

"Нанҳәамза иалагӡаны имаҷымкәа аԥсшьаҩцәа аҳаԥы иаҭааит, аха 2019-тәи ашықәс иаҿҳарԥшуазар, ҳәарада, иаҳа имаҷуп аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара. Убри аан, сынтәа цәыббрамзазы жәанызықьҩык рыла еиҳаны иаҭааит ҵыԥха ааасҭа. Жьҭаарамзазы - хәнызықьҩык рҟынӡа акгьы агымкәа рыла еиҳаны иаҭааит. Хымз ирылагӡаны сынтәа аҳаԥы иаҭааит 136 нызқьи 98-ҩык. Ԥарала уи - 67 миллион мааҭ инарзынаԥшуа иартәоит. Жьҭаара 15 инаркны аҳаԥы аҭаара аӡынтәи аусурахь ҳаиасит. Мчыбжьык ахь ԥшьымш аус ҳуеит, уи ахашеи, аԥшьашьеи, асабшеи, амҽышеи роуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥачлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: