Арадио

Ахәаҷба онлаин-журнал "Сан" азы: напеилаԥсала иҭыҵуа акоуп

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьыџньуаҩ Ирфан Ахәаҷба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсышәала иҭыҵуа онлаин-журнал "Сан" атәы.
Sputnik
Ахәаҷба онлаин-журнал "Сан" азы: напеилаԥсала иҭыҵуа акоуп

Ажурнал кьыԥхьуп х-бызшәак – аҭырқәшәа, аԥсшәа, адыга бызшәа рыла, ҳәа адырра ҟаиҵеит Ахәаҷба.

"Аԥсуа бызшәа амш инаркны иҭыҵуа иалагеит "Сан" ҳәа хьӡыс измоу ажурнал. Абызшәа змам ан дызмам иаҩызоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Ари ажурнал уи аԥхьагьы иҭыҵуан, уажәы еиҭахацыркуп. Ахықәкы - усҟан еиԥш, ҳкультура, ҳбызшәа ҳмырӡырц, ҳдиаспорақәа еимадазарц. Аԥсны иҟоу ашәҟәыҩцәа, апоетцәа. Ажурналист, акалам зкуа зегьы ааԥхьара рысҭоит ацхыраара ҳарҭарцаз. Ари онлаин журналуп, аӡәы адҵа иҭаны иҳарыҩӡом. Анбанқәа ажәаԥҟақәа амультфильмқәа уҳәа иаҳкьыԥхьуеит, аԥсшәа ззымдыруа ирҵап уи алагьы ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аԥсуа нбанқәа, аԥсуа ажәақәа уҳәа мҽхакы ҭбаала, уажә аӡәы акы ааишьҭыр уахь инацаҳҵоит, абас напеилаԥсала иҭыҵуа журналуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ахәаҷба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: