Арадио

Анқәаб Аҟәа аӡымҩангага аԥжәаразы: аҟаҵашьа ииашамзар ҟаларын

Аҟәа "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҿы аӡымҩангага ахьыԥжәаз аҭыԥаҿ имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik
Анқәаб Аҟәа аӡымҩангага аԥжәаразы: аҟаҵашьа ииашамзар ҟаларын

Аҟәа, Искандер имҩаҿы абҵара 9 рзы аӡымҩангага ԥжәеит, ааигәа игылаз аҩнқәа аӡы рыҵалеит.

"Атрубақәа ахьеиԥшьыз аҭыԥ ԥҽит, изыхҟьаз макьана еилкаам. Ари ақалақь агәҭахьы игоу аӡымҩангагоуп, араҟа аӡы иамоу амч ҳаракуп азы иаразнак аҩнқәа ирыҵалеит. Аус арҽеиразы аамҭа рацәа аҭаххом, аха урҭ узымҩаԥгаӡом аӡы ҭаҳарбаанӡа. Атруба ахаҭа ахаҭабзиара бзиоуп, аха аҟаҵашьа ииашамзар ҟалап, уи ауп ас еиԥш ахҭысгьы аҟалара мзыс иамоу. Аусурақәа уаанӡа иназыгӡоз рыԥшаара залмыршахеит аҟнытә ҳара нап аҳаркит", - еиҭеиҳәеит Анқәаб.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: