Арадио

Ажьиба самырзаҟанаа рзы: қырҭқәоуп ҳәа ҳрыгәҭасыр, ҳҳәынҭқаррагьы ҳагәҭасуеит

Самырзаҟан инхо аԥсуаа рмилаҭ архынҳәра аус шцо, уи азҵааразы имоу агәаанагара атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩу Боҭа Ажьиба.
Sputnik
Ажьиба самырзаҟанаа рзы: қырҭқәоуп ҳәа ҳрыгәҭасыр, ҳҳәынҭқаррагьы ҳагәҭасуеит

"Гал араион иаланхо аԥсуа жәлақәа даара ирацәоуп, ишьақәзыргылахьо уажәшьҭа 300-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ауаҩы гәыкала зыжәла шьақәзыргылар зҭаху уидгылароуп. Ибзианы аус еиҿкаазар, жәанызқь рҟынӡа ауааԥсыра рмилаҭ архынҳәразы азин роуа иҟалоит, уа Быҭәаа ыҟоуп, Ҭараа, Ачаа. Урҭ рмилаҭ Бериа ихаан ақырҭуа ҳәа ианырҵеит, ахаан аԥсуа дзырҵаша урокгьы рмоуц, аха иаԥсыуаахар рҭахуп. Гал абызшәа ашьақәыргылара азҵаара ӡбазароуп раԥхьа иргыланы. Ахәыҷқәа абызшәа зҵар зҭаху ыҟоуп, ус иҟоу ҳрыдгылароуп. Ҳполитика Гал ишахәҭоу ишьақәҳаргылар, аԥсуара рылаҳааӡоит, убас еиԥш аҭагылазашьа сахәаԥшуеит. Дара рхала иаҳәоит, азҿлымҳара аадырԥшуеит, урҭ қырҭқәоуп ҳәа ҳрыгәҭасыр, ҳҳәынҭқаррагьы ҳагәҭасуеит", - азгәеиҭеит Ажьиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.