Ермантәыла урыстәылатәи авертолиот каҳаит, иҟоуп иҭахаз

102-тәи урыстәылатәи арратә база акомандаҟаҵара урыстәылатәи аҳаирплан еихсыз рышьақәыргылара мҩаԥнагоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 9- Sputnik. Авертолиот Ми-24 Ермантәыла, аиланхарҭа Ерасх ааигәара адгьыл аҟынтәи еихсын ПЗРК ала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Абҵара 9, асааҭ 17.30 рзы 102-тәи урыстәылатәи арратә база автокаллона амҩаԥгараан Ермантәыла аҳауатә ҵакыраҿы, Нахичевантәи автономтә республика (Ареспублика Азербаиџьан) ааигәара урыстәылатәи авертолиот Ми-24 иаехсын ПЗРК ала. Аракета заахаз авертолиот ашьхаратә ҭыԥ аҿы икаҳаит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Авертолиот акаҳараан иҭахеит ҩыџьа, аӡәы ааха ӷәӷәақәа иманы уантәи дықәгоуп.

102-тәи урыстәылатәи арратә база акомандаҟаҵара урыстәылатәи аҳаирплан еихсыз рышьақәыргылара мҩаԥнагоит.