Азербаиџьан аҳәамҭа ҟарҵеит урыстәылатәи авертолиот шкарыжьыз азы

Абҵара 9 рзы урыстәылатәи авертолиот Ми-24 Ермантәыла, аиланхарҭа Ерасх ааигәара адгьыл аҟынтәи еихсын ПЗРК ала ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. Азербаиџьан рҿа рықәшаҳаҭхеит машәырны урыстәылатәи авертолиот Ми-24 шкарыжьыз азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ермантәыла урыстәылатәи авертолиот каҳаит, иҟоуп иҭахаз

Аусбарҭаҿы ирҳәеит агха шрыхьыз авертолиот аерман-азербаиџьан ҳәаа ааигәара иахьахаԥраауаз азы.  

Иазгәаҭоуп ахҭыс шыҟалаз уахынланы, авертолиот иҳаракымкәа ишыԥыруаз, ПВО, арадарқәа ишрызгәамҭоз. Уи адагьы уаанӡа урыстәылатәи аверталиотқәа ари аҭыԥ аҿы ихаԥыруамызт ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

"Азербаиџьантәи аган аҭамзаара шьҭанаҵоит урыстәылатәи аган аҿаԥхьа иҟалаз арыцҳаразы. Ахҭыс машәыруп, урыстәылатәи аганахь ала ихықәкны иҟамызт", - аҳәоит адырраҭара.

Бақәа иара убасгьы ирҳәеит акомпенсациа ашәара ишазыхиоу.

Азербаиџьантәи аган рыдашшылоит иҭахаз аекипаж рҭаацәеи ргәакьацәеи.

Абҵара 9 рзы урыстәылатәи авертолиот Ми-24 Ермантәыла, аиланхарҭа Ерасх ааигәара адгьыл аҟынтәи еихсын ПЗРК ала ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.