Арадио

Џьынџьал амилициа аусзуҩы изы: иӡны иҟоу иаҳаҭыр- шьақәыргылатәуп

Абҵара 10 амилициа иамшуп. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеранцәа рхеилак аиҳабы, амилициа аполковник Владимир Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит азанааҭ иацу аҭакԥхықәра атәы.
Sputnik
Џьынџьал амилициа аусзуҩы изы: иӡны иҟоу иаҳаҭыр- шьақәыргылатәуп

"Сара амилиацираҿ аусура салагеит 1972 шықәса рзы, убрижьҭеи иааԥмырҟьаӡакәа иахьа уажәраанӡагьы уи садҳәалоуп. Уи инаҷыдангьы арҿиара садҳәалоуп, асахьаҭыхра бзиа избоит. Ианаамҭаз СССР асахьаҭыхыҩцәа реидгыла салахәын. Атәанчара санца нахыс салагеит Аԥсны амилициа иазку азы аматериалқәа реизгара. Макьана ҳҭоурых зну ашәҟәы ҭымҵыц, хышықәса ҵуеит иаҭаху зегьы еиқәыршәаны акьыԥхь ада ус амымкәа иазырхиоуп. Ҳазҭало ашықәса амилициа 100-шықәса ахыҵуеит, убри инамаданы, ашәҟәы ҭыҵыр ҳгәы иаахәаша усхон зегьы ҳзы. Иахьа аҿар рацәаны амилициа иалоуп, аха уа аус уурцаз, аԥышәа ду аҭахуп. Аҿар изхысуа аҵара мацара азхаӡом. Ацәгьоуцәа рҭагылазаашьа иаҳа иӷәӷәахеит, урҭ рымч иацлеит, уи иумбар залшом, амилициа акәзар, алшарақәа маҷуп, 40 шықәса раԥхьа избази уажәы иҟои еиԥшымзаарас ҳәа акгьы рымам. Усҟантәи аметодқәа рыла иахьа аус ҳуеит, аха ҳаԥхьаҟа ҳцароуп", - еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.