Харчлаа еиҭеихәеит Тҟәарчал аӡын фымцалашарала аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу
© Sputnik
"Ақалақьи араион рҟны афымцеихшарҭақәа рҟны иҟаҵоу маҷым, зынӡа иҽеим уҳәар иашам. Афымцамҩангагақәа ԥсахуп, атраснформаторқәа реиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Сгәаанагарала, аӡын хар ҳамамкәа ҳаԥылоит иахьа уажәраанӡа, аԥхьаҟагьы ҳҭагылазаашьа цәгьамхар ауп, ақалақь ауааԥсыра фымцалашарада инҳажьуам. Ари мызки бжаки алашара ҳарцәалон, аха уи зыхҟьоз афымцацәаҳәақәа амахәқәа рҟнытәи иахьыҳрыцқьоз ауп", - иҳәеит.
Иара иажәақәа рыла иаҳа ауадаҩрақәа ахьыҟоу ԥаса Гал араион иаҵанакуаз ақыҭақәа рҟны ауп. Хара имгакәа аинвестицатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны атрансформатори ацәаҳәақәеи ашьаҟақәеи рыԥсахырц ауп.