Ҭырқәтәыла алаҵа "Спутник V" аҭыжьра агәҭакуп

Алаҵа аҭыжьра иалагар ауеит азакәанԥҵарала иазыԥхьагәаҭо атоксикологиатә ҭҵаарақәа рышьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Ҭырқәтәыла алаҵа "Спутник V" аҭыжьра аиҿкаара агәҭакуп ҭырқәтәылатәи афармацевтцәа рыцхыраарала ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Ҭырқәтәылатәи аган аԥшьгамҭала Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа рминистрцәа Михаил Мурашкои Фахреттин Коџьии еицәажәеит хара имгакәа алаҵа аҭыжьра аиҿкааразы.

Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".

Иара ВОЗ асиаҿы иану адунеи аҿы аус здыруыло алаҵақәа жәаба ируакуп, аклиникатә ҭҵаарақәа ахԥатәи рфаза еиҳа иазааигәо иреиуоуп.

Алаҵа аҭҵаарагәаҭарақәа қәҿиарала ирхысит 140 нызқьҩык хатәгәаԥхарала иҟазҵаз рҿы. Урҭ зегьы рҿы коронавирустә инфекциа COVID-19 аиммуннтә ҭаки ацәеижьҿагыларақәеи роуит. Аклиникатә ԥышәарақәа иара убасгьы имҩаԥысуеит Белоруссиа, ОАЕ, Индиа, Бразилиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: