Гәынба: Аԥсуа радио ҳәынҭқарратәуп, ишьҭнахуа азҵаарақәа рацәазароуп
© Sputnik
"Сара арадио аҟны аус смуӡацт, аха азыӡырҩык иаҳасабала еснагь сазҿлымҳауп. Арҿиаратә еилазаара русура хәыҷык ашьақәыргылара аҭахуп, адырраҭарақәа аԥхьа ицо, ашьҭахь ишьҭтәу ахатә ҷыдарақәа амоуп. Уи ибзианы издыруа ауаа ыҟоуп, исыцхраап ҳәа сгәы иаанагоит… Иахьазы аҭҵаара саҿуп. Арубрика ҿыцқәа аҭаххоит. Акультура, адоуҳатә ԥсҭазаара, анхаҩы дызлахәу адырраҭарақәа реиҿкаара ҳгәы иҭоуп, аспорт зҳәаз еиԥш. Ари ҳәынҭқарратә радио ауп, ишьҭнахуа азҵаарақәа рацәазароуп. Арҿиаратә еилазаара бзиа ҳамоуп, аха хәыҷык акадрқәа рганахьала аизымхара ыҟоуп", - иҳәеит Гәынба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсуа радио аусзуҩцәа: иаҳҭахуп 24 сааҭ инеиԥынкыланы ҳрадио аус ауларц