Арадио

Какәбаа еиҭеиҳәеит амедицинатә усзуҩцәа ргәы аҟаҵаразы еиҿкааз аԥшьгамҭа атәы

Гәдоуҭатәи COVID-госпитали амобилтә госпитали рҿы аус зуа рзы Очамчыра араион аҟынтә ишьҭын ашәырқәа. Аԥшьгамҭа шеиҿкаахаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахадара ақыҭанхамҩеи, аекономикеи, азԥхьагәаҭареи русбарҭа аиҳабы Ҭенгиз Какәбаа.
Sputnik
Какәбаа еиҭеиҳәеит амедицинатә усзуҩцәа ргәы аҟаҵаразы еиҿкааз аԥшьгамҭа атәы

"Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи сареи аицәажәара ҳаман. Иазыӡбан аҳақьымцәа рзы хәыҷык инарҭбааны ацхыраара аҟаҵара. Араион ақыҭа ахадацәа зегьы ҳарзасит. Ҳгәы иҭоу анраҳҳәа, зегьы ҳавагылеит. Доусы илшоз ала. Амандарин, афеихоа, ахәырма, алимон, ацха уҳәа абасала х-машьынак еиқәҳаршәеит. Ҩымш рыла зегьы аизгара ҳалшеит. Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра иҟоу агоспитальқәа рахь ишьҭын машьынак-машьынак, уаҟа даара гәахәарыла ирыдыркылеит аҳамҭа. Ҳгәы иҭоуп иара убас Аҟәа аинфекциатә хәышәтәырҭахьи Гаграҟеи ацхыраара ашьҭра. Иҳалшо ала аҳақьымцәа рус аҿы ргәы иахәаша ак аҟаҵара ҳҽазаҳшәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какубаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: