Песков Ермантәыла урыстәылатәи авертолиот ахькарыжьыз иазкны ахҳәаа ҟаиҵеит

Абҵара 9 рзы урыстәылатәи авертолиот Ми-24 Азербаиџьан аҳәааҿы адгьыл аҟынтәи иеихсын. Иҭахеит ҩыџьа аекипаж алахәылацәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Азербаиџьантәи ар Ермантәыла икарыжьыз урыстәылатәи авертолиот Ми-24 арыцҳара, абырсааҭк ала ахара зхароу иахьырхәра иазыхиоуп ҳәа ахьырҳәаз иалнаршеит Азербаиџьан аҭамзаара ишьҭанаҵаз адкылара иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков, RT аинтервиу аҭо.

"Ари рыцҳараҵәҟьоуп. Иҭахеит ҩыџьа ҳаруаа. Азербаиџьан ахада аусҭҵаара амҩаԥгара ишазыхиоу, ахара зду ирыхәҭо ишақәдыршәо азы иаразнакала иҟаиҵаз аҳәамҭа раҭамзаара ишьҭарҵаз ҳадаҳкылартә еиԥш иҟарҵеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Уаанӡа, Урыстәыла ахада Владимир Путини Атәылахьчара аминистрра анапхгареи минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит иҭахаз Ми-24 аекипаж.

Ермантәыла урыстәылатәи авертолиот каҳаит, иҟоуп иҭахаз

Абҵара 9 рзы урыстәылатәи авертолиот Ми-24 Азербаиџьан аҳәаа ааигәара адгьыл аҟынтәи иеихсын. Ҩыџьа аԥрыҩцәа ҭахеит, аӡәы ахәрақәа иоуит.

Азербаиџьан рҿы рықәшаҳаҭхеит машәырны урыстәылатәи авертолиот Ми-24 шкарыжьыз азы, аҭамзаарагьы шьҭарҵеит.

Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Владимир Путини реицәажәараан иҳәеит ахара зхароу рықәнага ишақәыршәахо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: