Арадио

Кәарҷиа адыга-ачерқьес жәлар ркультуратә усмҩаԥгатәқәа рзы: ҳашьцәа еснагь ҳрызҿлымҳауп

Адыга-ачерқьес жәлар рмилаҭ культуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иазкны имҩаԥысыз аицәажәара атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Жәлар рҟазара арҿиара ацентр анапхгаҩы Нури Кәарҷиа.
Sputnik
Кәарҷиа адыга-ачерқьес жәлар ркультуратә усмҩаԥгатәқәа рзы: ҳашьцәа еснагь ҳрызҿлымҳауп

Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара арҿиара ацентр анапхгареи Аԥсны аҟазара аусзуҩцәа гәыԥҩыки имҩаԥыргеит астол гежь адыга-ачерқьес жәлар рмилаҭ культуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иазкны.

"Ишдыру еиԥш, Аԥсны еиуеиԥшым ажәларқәа рхаҭарнакцәа ықәынхоит. Урҭ зтәышьҭроу еснагь иазҿлымҳауп иахьынхо ркультура, рбызшәа шеиқәдырхо, ишдырҿио. Рацәак ҵуам Аԥсны еиҿкаауижьҭеи адыга жәлар рдиаспора ахаҭарнакра, убасгьы Краснодаргьы. Арҭ иҟарҵаз аԥшьгарала аԥышәеимдаразы аицәажәара мҩаԥысит. Аешьаратә жәларқәа еснагь ҳаизҿлымҳазароуп, иахьынӡаҳалшо ҳрыцхраароуп, иҟаҳҵаша, ҳкультурақәа реиҿцаашьа иазкны аицәажәаора бзиа, иԥхаӡа аиашьаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.