Абҳазоу Аҟәатәи апантеон азы: иахьа уажәраанӡа ишьақәырӷәӷәам хылаԥшра азҭаша
© Sputnik
Аҟәа ақалақь ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" Аԥсны ауаажәларратәи акультуратәи усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аҿы мызкы ицоз арыцқьаратә усурақәа хнаркәшеит ааигәа.
"Ашықәсқәа акыр цеит, аха апантеон ахылаԥшра азҵаара бжьахашәа иҟоуп. Абри ҷыдала усбарҭак иатәуп, иара ахылаԥшуеит ҳәа напынҵак ыҟам иахьа уажәраанӡа. Иҟоуп ареспубликатә, ақалақьтә ҵакы змоу аобиектқәа, иара иахьа уажәраанӡа ишьақәырӷәӷәам", - иҳәеит Абҳазоу.
Убасгьы иара иазгәеиҭеит апантеон аҟны аԥсыжырҭақәа рзы уаҳа аҭыԥ ыҟам ҳәа. Далацәажәеит аибашьра ашықәс азы, уи ашьҭахьгьы апантеон аҟны еицырдыруа ауаа рахь иаҵанамкуагьы рыԥсыжырҭақәа шыҟоу.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон рыцқьоуп Аҟәа