Ермантәылаҟа 20 ҳаирплан неит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рыманы

Ермантәыла инеиз урыстәылатәи арратә ҳаирпланқәа ирықәырхит аматериалтә хархәагақәеи, аџьаԥҳани, арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16– Sputnik. 18 ҳаирплан Ил-76, ҩ-ҳаирпланк Ан-124 "Руслан" Ереванҟа инаргеит акәылӡтәы техникеи аҭынчреиҿкааҩцәеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.

"Урыстәыла Аҳаир-космостә мчрақәа рырра-транспорттә авиациа иатәу 18 ҳаирплан Ил-76, ҩ-ҳаирпланк Ан-124 "Руслан" Ереванҟа инаргеит акәылӡтәы техникеи аҭынчреиҿкааҩцәеи 15-тәи рыбригада Ашьха Ҟарабах аҭынчреиҿкаара амҩаԥгаразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылатәи аруаа аҳаирпланқәа ирықәырхит абџьари арратә техникеи.

Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан рхадацәа еиқәшаҳаҭхеит абҵара 10 инаркны Ашьха Ҟарабах ахымца аанкыларазы.

Аибашьра аанкылара амҩаԥысшьа иахылаԥшлоит уахь инагахо Урыстәыла аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент: 1960-ҩык аруаа, 90 кәылӡтәы транспортиор, 380 ак автомашьынатәи иҷыдоуи атехника.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: