Арадио

Ҳаразиа: аӡи алашареи Гәылрыԥшь аҳабла анхацәа ргәы иҵхо зҵаараны иҟоуп

Гәылрыԥшь аҳабла ахада Нарсоу Ҳаразиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аҳаблаҿы ауааԥсыра ргәы иҵхо зҵаарақәас ирымоу атәы.
Sputnik
Ҳаразиа: аӡи алашареи Гәылрыԥшь аҳабла анхацәа ргәы иҵхо зҵаараны иҟоуп

"Аҳаблаҿы х-нызқьҩык ауааԥсыра нхоит. Еиҳарак ауаа зыргәамҵуа зҵаараны аӡоуп иҟоу. Уи азҵаарала аусқәа цоит аӡымҩангагақәа рыԥсахразы. Ари ашықәс нҵәаанӡа иалгароуп. Ҳәарада, аусурақәа ауадаҩрақәа цәырыргоит ауааԥсыра рзы, аха дара еилыркаауеит уи ада ԥсыхәа шыҟам. Иара убас алашара азҵаара араион амчала аӡбара ҳаҿуп. Ауааԥсыра ирымоу азҵаарақәа, аҳәарақәа рыӡбара излауа ала ҳаҿуп. Хәымз раҟароуп аус ахьызуа. Араион аиҳабыреи сареи аилибакаара ҳабжьоуп, ҳаицхыраауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳаразиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.