Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсышәала еиҭагоу ашәҟәы ҭаацәак ӡыла еиқәнаршәар шалшо

Агәыҳалалратә - ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" аицаԥҵаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Кәтол ақыҭан ахәыҷ чымазаҩ зхала дзааӡо ан лыцхрааразы имҩаԥырго акциа атәы.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсышәала еиҭагоу ашәҟәы ҭаацәак ӡыла еиқәнаршәар шалшо

"Аҭаацәа ани ахәыҷи мацара ахьыҟоу рыӡбахә ҳаҳаижьҭеи, ҳаибадыриижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Аԥҳәыс ацхырааҩцәа рацәаны ишлымамгьы, лхәыҷы дызныҟәом, дызцәажәом, аха лгәы калмыжьит. Дахьынхо лнапы адкыланы, аӡы харантә ишаалгогьы, даара дхандеиуеит. Ҳгәы лызцеит, аӡы аганахьала ацхыраара лаҳҭарц аҭагылазаашьа аԥаҳҵар ҳҭахуп. Акциа еиҿаҳкаарц ҳаӡбеит аӡы ауаҩы лызнагаразы 100 нызқь мааҭ аԥара аҭахуп. Ахәыҷқәа ирызку ашәҟәы аԥсшәахь еиҭаганы иҟаҳҵеит. Гәында Сақаниаԥҳа иаҳзеиҭалгеит, Баҭал Хагәышьи Диана Шамԥҳаи аредактура азыруит, Алина Жьиԥҳа аиқәыршәараҟны ацхыраара ҳалҭеит. Одри Пенн лҩымҭа жәларбжьаратәи бестселлеруп ҳәа иԥхьаӡоуп, аԥсшәахь ианеиҭаҳга хәыҷык даҽакала ахьӡ ҟалеит "Ан лымаӡа" ҳәа. Уи ашәҟәы ҳҩызцәа, ҳадгылаҩцәа зегьы ирыдаҳгалоит, иаазхәо ирдыруеит ари ала ацхыраара шыҟарҵо. Ашәҟәы аазхәар зҭаху аиҿкаара "Кьараз" иадҵаалар рылшоит ҭелла ма асоциалтә даҟьаҟны. Ашәҟәы 650 мааҭ иаԥсоуп, иахҭныҵуа зегьы ацхыраа зҭаху аҭаацәа ӡыла реиқәыршәара иазкхоит",- лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.