Џьниа иреиӷьу асахьаҭыхратә усумҭақәа рзы: сынтәа уаҩ дреигәырӷьартә иҟоуп
© Sputnik
"Актәи аҭыԥ згаз ҩыџьа ыҟоуп, аҩабтәи аҭып ианашьан аӡәы, ахԥатәи аҭыԥқәагьы ҩыџьа ироуит. Виссарион Ҵәыџьба изныкымкәа актәи аҭыԥ ааныикылахьеит, сынтәагьы иусумҭа алкаауп. Сынтәа аусумҭа бзиақәа уаҩы деигәырӷьаратәы иаанагеит, ацәыргақәҵа агәахәара унаҭартә иҟоуп. Сынтәа Виссарион (Сергеи)Ҵәыџьбеи Руслан Габлиеи актәи аҭыԥ еицеиҩыршеит. Иҟан ахԥатәи аҭыԥ ус ианеицеиҩыршалоз асахьаҭыхыҩцәа, аха сынтәа убас иҟалеит. Аҩбатәи аҭыԥ Диана Хынҭәба иланашьан, ахԥатәи аҭыԥ Адгәыр Амԥар играфикатә усумҭазы. Аҿар рҟынтә астудент Арҩҭаа аусумҭа бзиа ҳзааигеит, зегьы еицҿакны еигәырӷьаны ахԥатәи аҭыԥ ирҭеит", - иҳәеит Џьниа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.