"Иахьазы атранспорт мацара аҟны акәӡам, адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауадаҩрақәа ыҟоуп апандемиа иахҟьаны. Уи инамаданы ҳусураҟны маҷк еиҵахарақәак ыҟоуп асабрадақәа рныҟәгара аганахьала, аха иагьа ус акәзаргьы, инаҳагӡоит ҳус. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа амҩақәа рҟны изҿу инарықәыршәаны, ауаа рлагаҩагара асхема хәыҷык аҽаԥсахит, уигьы уадаҩрақәак адҳәалоуп, аха нас иаҳа иманшәалахап. Аҟәа мацара ауаа ныҟәызго автобусқәа 23 ыҟоуп, урҭ рганахьала ауадаҩрақәа ҟалалоит амаҭәахәқәа рыԥсахра азҵаараҟны. Ацхыраара ҳҭахуп ақыҭақәа рахь иныҟәо атранспорт маҭәахәыла реиқәыршәаразы. Акарантин иахҟьаны ахашәалатә хәҭагьы иаҳа илаҟәит, амашьынаныҟәҵаҩцәа планла ирыду аԥара иагхеит. Аицәажәарақәа ҳаман, сақәдыргәыӷит хәыҷык ҳдырманшәалоит ҳәа ари азҵаара аганахьала", - иҳәеит Шәлымба.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шәлымба атранспорт аҟны аԥкрақәа рзы: асабрада ныҟәыргалароуп зегьы