Арадио

Гыцԥҳа алаҵақәа рзы: сышрыдгылаҩу, аҟаҵара макьана сазыхиам

Хҩык ахәыҷқәа ран Асҭанда Гыцԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы алаҵақәа рыҟаҵаразы лгәаанагара атәы лҳәеит.
Sputnik
Гыцԥҳа алаҵақәа рзы: сышрыдгылаҩу, аҟаҵара макьана сазыхиам

Аԥсны абҵара 12 инаркны ахәыҷҭәы поликлиникақәеи, ашколқәаки рҿы иалагеит агрипп чымазараҟнытә алаҵа аҟаҵара. Уи шхәыда-ԥсадоугьы, иҟазҵарц зҭаху рацәаҩым. Уи атәы арадио Sputnik аефир аҿы илҳәахьан аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ амедиаҳәшьа Асҭанда Шьониаԥҳа.

"Алаҵазы иҟоу агәаанагарақәа зегьы срызҿлымҳауп. Ҳәарада, арҭ алаҵақәа рыҟаҵара ирымоуп рхатә ԥҟарақәа урҭ урықәныҟәар, ианаамҭоу ианыҟауҵо ауадаҩрақәа узцәырыргаӡом, уи схатә гәаанагароуп, сԥышәа иснарбаз ауп. Уимоу схәыҷқәа риммунитет шеиӷьхаз збеит, уи фактуп. Ичмазҩымхо аӡәгьы дшыҟам еиԥш, ак ҳаласыр, имарианы иҳахҟьоит. Иахьа ҳтәылаҿы ицо авакцинациа атәы ҳҳәозар, алаҵақәа сышрыдгылаҩугьы макьана уи аҟаҵара сазыхиаӡам, маҷк агәыҩбара сызцәырнагоит. Ан лыҩныҵҟатә дунеи акы лыҵанаҳәоит, убас еиԥш џьара ак соур, хымԥада, ари азҵаара шәарада, есымша сшадгылаз еиԥш иҟасҵап ҳәа сгәы иаанагоит", - еиҭалҳәеит Гыцԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: