Америкатәи аесминец аҟарулразы Амшын еиқәахь ахы археит

Америкатәи аесминец USS Donald Cook DDG-75 2020 шықәса аҩныҵҟала Амшын еиқәа аҵакырахь иҭало Америка абыжьбатәи аӷбоуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Америкатәи аракетатә есминец Donald Cook аракетатә бџьар ақәыргыланы Амшын еиқәа акваториахь иҭалеит аҟарулразы ҳәа аанацҳауеит ЕАА АММ Афбатәи рыфлот.

"ЕАА АММ аамҭа-аамҭала арҭ аҭыԥқәа рҿы НАТО ала ҳпартниорцәа адгылара рыҭаразы инеилоит", - аҳәоит Twitter аҿы ЕАА АММ Афбатәи рыфлот адырраҭара.

АА Афбатәи афлот аштаб-квартира Неаполь (Италиа) иҟоуп, имҩаԥнагоит арра-мшынтә операциақәа, аиҳарак рыдгылаҩцәеи рпартниорцәеи алархәны Европеи Африкеи амилаҭтә интересқәеи ашәарҭадареи рыхьчаразы.