Арадио

Емырхәба еиҭеиҳәеит Алакәымҳара ақыҭаҟны имҩаԥысуа аусурақәа ртәы

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит Алакәымҳара ақыҭаҟны ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.
Sputnik
Емырхәба еиҭеиҳәеит Алакәымҳара ақыҭаҟны имҩаԥысуа аусурақәа ртәы

"Алакәымҳара ашкол аҟны аусурақәа мҩаԥгатәны иҟоуижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара ацхыраарала ахыб ԥсахуп, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит ахыбра аҩныҵҟагьы. Быжь-километрак инацны амҩа аҟаҵара азгәаҭоуп Аберқыҭеи Алакәымҳареи рыбжьара, машьынала амҩасра уадаҩуп", - иҳәеит Емырхәба.

Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: