Арадио

Аҳақьым Лакербаиа еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа уаҳа чмазара рзыннажьуазар атәы

Аҳақьым - атерапевт Оксана Лакербаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит COVID-19 зхызгаз даҽа чмазарак рзыннажьуа ма иаргәамҵуа иҟоу иҟаму атәы.
Sputnik
Аҳақьым Лакербаиа еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа уаҳа чмазара рзыннажьуазар атәы

"Сара сыпрактиҟаны аковид чмазара зхызгаз, уи ада даҽа чмазарак рзыннажьыртә еиԥш сԥыхьамшәацт. Егьыс дара ирымаз ачымазарақәа ихьанҭаны ицоит. Атест анҳаулак аковид-чмазара рымамҳәа ргәы ҳахылаԥшуеит, ршьақәыӷәӷәара ҳацклаԥшуеит, рыхәшәқәа иржәуа ҳарҽеиуеит, ашьақар чмазара змоу гәаҳҭоит. Зықәрахь инеихьоу еиҳарак даҽа уадаҩрак роуеит антибиотикқәа рышьҭахь ркьатеиқәа русураҟны. Убри аҟынтәи абактериақәа- апробиотикқәеи апребиотикқәеи рзацаҳҵоит рыхәшәтәраҟны. Ианаамҭоу ахәшәқәа рзылыҩҩааны ажәра иалагар, ахәшәтәра бзианы ицоит", - лҳәеит Лакербаиа.

Лара иазгәалҭеит хәышәҩык инареиҳаны ҭелла абжьгарақәа шрылҭоз аҽыхәшәтәразы COVID-19 аҟынтәи.

"Уи даара ицәгьоуп, хыџьара аус зуеит, ҩыџьара есҽны ашьыжь инаркны шьыбжьонынӡа, анаҩс аполиклиника аҟны аус зуеит. Ҭелла исзасуа аҭак ансызрымҭалак, аҩны саннеиуа сырзасуеит", - лҳәеит Лакербаиа.

Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.